Аԥсадгьыл ахьчаҩ имши Донбасс ахақәиҭтәра иазку иҷыдоу аоперациеи ирызку афотоцәыргақәҵа аатуеит Аҟәа жәабран 24 рзы
Аԥсадгьыл ахьчаҩ имши Донбасс ахақәиҭтәра иазку иҷыдоу аоперациеи ирызку афотоцәыргақәҵа аатуеит Аҟәа жәабран 24 рзы.
Ацәыргақәҵа шьақәгылоуп ҩажәамз инареиҳаны аибашьра ахьцои аҳәаахьчаратә ҭыԥқәеи рҿы иҟоу урыстәылатәи ажурналистцәа иҟарҵаз 22 фотоҭыхымҭақәа рыла ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра апресс-маҵзура.
Дара ирныԥшуеит Киевтәи арежим аҭынч уааԥсыреи аграждантә хыбрақәеи ирырҭаз аахақәа.
Аҟәа иҟоу "Москва Аҩны" аҿы еиҿкаахо афотоцәыргақәҵа аҭааҩцәа рзы иаартызаауеит мчыбжьык.
Апроект "Ҳара ахара рыдаҳҵоит!" цәырыргахьеит атәылақәа рҿы, иара убас Белоруссиа, Венгриа, Перу, Аахыҵ Уаԥстәыла, Узбекистан.